Аԥсны

Абҵарамза анҵәамҭаз ашықәс ҿыц азы Аԥсны аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара иацлоит

Аӡынтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны аԥсшьараз ахәыԥса адагьы иадзыԥхьало аԥсшьара хкқәагьы рацәоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik. Ашықәс ҿыц азы Аԥсны аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара иацлоит абҵарамза анҵәамҭаз ҳәа аанацҳауеит АТОР.
Аекспертцәа ишырҳәо ала макьана ашықәс ҿыц азы Аԥсны аԥсшьарз аҿаҵарақәа ҟазҵо маҷҩуа, аха мчыбжьқәак рышьҭахь аҽеиҭанакуеит. Аԥсныҟа атурқәа рыҭира абҵара аҩбатәи азыбжеи ԥхынҷкәын 15 ашьҭахьи иазыԥшуп.
Аԥсны атуристцәа ирыдыргалоит еиуеиԥшым аԥсшьарахкқәа ҳәа рҳәоит атуроператорцәа: аныҟәарақәа, ирԥхоу аӡҭарчқәа, асасааирҭақәа рҿы SPA-акомплексқәа, амилаҭтә чыс.
Аӡынтәи аԥсшьара бжьаратәла 4-6 мшы артәоит.
Ареспубликахь аӡынтәи атурқәа ҩыџьа рзы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы 7-91 нызқь рҟынӡа иаԥсоуп.
Аиҳарак аԥсшьараз иалыркаауа ҭыԥқәоуп Пицунда, Гагра, Афон ҿыц.