Аԥсны

Анаркотик рацәаны издырбалаз Урыстәыла атәылауаҩ Аҟәа даанкылоуп

Иаанкылаз ахаҵа идырбалеит аметадон згәылаз аилаҳәарақәа 14, даҽа ԥшь-еилаҳәарак ылыргеит аҭыԥ маӡақәа рҟны иахьышьҭаз.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Улиановск инхо Урыстәыла атәылауаҩ Аҟәа даанкылан анаркотикқәа алаирҵәоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР аперсс-маҵзура.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, 57 шықәса зхыҵуа Александр Педасов Аԥсны аҳҭнықалақь ахь дааит аҭыԥ маӡақәа рҟны зхархәара ҟамло амаҭәашьарқәа раларҵәара хықәкыс иҟаҵаны. Иара аҭыԥ маӡақәа рфотосахьақәа ҭыхны хьыӡшьарас "Алена" ҳәа измоу идырым аӡәы изишьҭуан. Убас иҟоу маӡа ҭыԥк азы иара иоуан 800 мааҭ.

Педасов даанкылан Аҟәатәи аихамҩаангыларҭа аҵакыраҿы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хаҭала дангәарҭа ашьҭахь идырбалеит аметадон згәылаз 14 еилаҳәыра.
Анаҩс иаанкылаз далархәны имҩаԥыргаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан ирыԥшааит Ешба имҩаҿы иҟаз аҭыԥ маӡақәа ԥшьба.
Аԥсны
Чепели Романкови рус Аҟәатәи аусӡбарҭахь инашьҭуп
Александр Педасов дырбаандаҩуп. Ашьаусԥшаара иаҿуп Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 апункт "в" ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рфактқәа рыла (изакәанымкәа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара анаҩс урҭ рыҭир хықәкыс иҟаҵаны). Ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша.