Аԥсны

Баҭал Ҷежьиа Урыстәыла ачемпион ҳәа ахьӡ азы дызлахәыз аиқәԥара еиҭахарала ихыркәшахеит

Абокс ахәылԥаз мҩаԥысит Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика ахан аҿы жьҭаара 29 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Баҭал Ҷежьиа Урыстәыла ачемпион ҳәа ахьӡ аԥсахаразы 79 кьыла иҟоу акапан акатегориаҿы дызлахәыз аиқәԥара еиҭахарала ихыркәшахеит.
Ачемпионразы иара диндаҭлон Пермь ақалақь аҟынтәи иааз Максим Смирнов.
Аа-раундк рылҵшәақәа рыла, аӡбаҩцәа ишырӡбаз ала, атитул аӡәгьы имоукәа иаанхеит.
Абокс ахәылԥаз мҩаԥысит Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика ахан аҿы.
Максим Смирнов 25 еиқәԥара мҩаԥигеит апрофессионалтә ринг аҿы, урҭ рахьтә жәба рҿы даиааит, 13-нтәи даҵахеит, хынтә еиҭахарала ихиркәшеит.
Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" агәаанагарала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп. Апрофессионалтә ринг аҿы аиԥыларақәа 16 мҩаԥигахьеит, урҭ рахьтә аиааирақәа 11, аиҭахарақәа 2, аҵахарақәа 3 имоуп.