Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа ачарақәа раамҭазы ауаа амҩатә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо ҷыдала иацклаԥшлоит. Иара убас идырӷәӷәоит изакәанымкәа абџьар аҵәахра афакт аарԥшразы аусура.
Амҩа иану зегьы аҭакԥхықәра рыдуп ауааԥсыра ршәарҭадаразы иҳәеит аиҿцәажәараҿы Дгьебиа. Иара иажәақәа рыла, амилициа аусзуҩцәа рыдагьы, амашьынарныҟәцаҩцәа ахдырра аадырԥшыроуп.
"Ҳаргьы ааигәа ачара ҳаман. Даара срылабжьеит аҷкәынцәа, амҩаҿы ахымҩаԥгашьа бзиа аадырԥшырцаз, амашәыр ҟамларцаз. Уи зегьы ҳаилатәаны ҳалацәажәеит, аизыӡырыҩра ҟаларцаз. Аҿар есымша ирхараҳҵар иашаӡам. Аиҳабацәа зыҟоу урҭ иралабжьарцаз ауп. Аҭаацәа рҟнытә иалагатәуп. Аҩнаҭаҿы ус еиԥш ианыҟала, амилициа русгьы маншәалахоит", – иҳәеит Дгьебиа.
Амилициа аҽарӷәӷәеит, уи бзиоуп, аха ари аус аҿы "уара утәы, са стәы" ҟамлароуп ҳәа инаҵишьит иахьа ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.