Жьҭаара 14 инаркны ихацыркуп агрипп чымазара аҟынтә алаҵаҟаҵара, ари аамҭа иалагӡаны 100-ҩык инареиҳаны иҟарҵахьеит Синоптәи аполиклиникаҿы лҳәеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниаԥҳа.
"Алаҵа ҟазҵахьоу зегьы ибжьаратәу ақәрахь иаҵанакуеит. Шықәсла 60 инареиҳау есымшагьы иазыхиоуп. Бзиа ирбоит. Ирыхәоит ҳәа ауп изырҭахугьы. Ицыхцыхуа иашьҭоуп", - ҳәа азгәалҭеит амедиаҳәшьа.
Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, алаҵа ҟазҵахьоу зегьы ирнаалеит, макьана зхы ҽеимкәа избаз дыҟам.
Аковид аганахьала амедиаҳәшьа илҳәеит уажәы изыхьуа ҳәа аӡәгьы дшыҟам.
"Мызкы аԥхьа иҳаман, аха зегьы иманшәалан ирхыргеит. Ус амцашоура рыманы иаар, иҳамоуп атестқәа, игәаҳҭоит. Аҳақьымцәа рыҽрымаданы ирхәышәтәуеит. Алаҵа ыҟаӡам, аха даара ирацәаҩуп изҭаху. Ԥыхьа иҟазҵахьаз дырҩегьыхь ирҭахуп", - ҳәа инаҵылшьит Кәыҵниаԥҳа, убри аан илҳәеит ачымазаҩцәа ршьеи егьырҭ иаҭаху ранализқәеи хәыда-ԥсада ишарҭо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.