Ԥшшәы рацәала еилаԥсоу: ҭагалан Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥссараҟны

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиднакылеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥссара ҭагалантәи аԥсабара афотосахьақәа.
Sputnik
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Аԥсны ашьхара ахәҭа иахьаҵанакуа ишьҭоуп, аӡиасқәа Гьегеи Ԥшыци ирыбжьаркуеит. Апарк ахышәа-ҵышәа иартәоит 39 000 гектар. Риҵатәи ареликттә парк ҵиаала акыр ибеиоуп. Араҟа рҽеиҭнырыԥсахлоит еиуеиԥшым абнара хкқәа: колхидатәи, еилаԥсоу абӷьыҭбаақәа, аԥсаҵлатә бнарақәа, альпикатәи аҳәырҭадәқәа у.у.е.
Ҭагалантәи Аԥсны иҷыдоу аԥшӡара амоуп, амшын акәзар аԥхын еизнакыз аԥхарра шамац иамоуп, амрагьы каххаа иԥхоит. Ашьхарахь аҳауа ахьшәашәара шаҵоугьы амшын иахьаԥну иԥхарроуп, аԥсабара ԥшшәы рацәала ихыркуп.
1 / 18

Ҭагалантәи аӡиа Риҵа иҷыдоу аԥшӡара амоуп.

2 / 18

Шьыжьла ашьхараҿы анаҟәа хыуп, уи иалубаауеит иҩежьхьахьо аԥсабара.

3 / 18

Ашьхарахь асы леихьеит, аҳауа ахьшәашәара аҵоуп.

4 / 18

Быӷькаԥсан иаамҭоуп.

5 / 18

Ҭагалантәи Риҵа аԥсабара ԥшшәы рацәала ихыркуп.

6 / 18

Аҵлақәа рыбӷьқәа акаԥсара иаҿуп.

7 / 18

Аԥхынтәи Риҵа иашьцылахьоу ҭагалантәи аԥсабара аԥшӡара џьаршьоит.

8 / 18

Аԥсшьарҭатә ҩны "Ауадҳара" ҽаанынӡа иаркуп.

9 / 18

Асы иазыԥшу аԥсаӡқәа.

10 / 18

Ашьхақәа асы "илаҳәоуп".

11 / 18

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Аԥсны ашьхара ахәҭа иахьаҵанакуа ишьҭоуп.

12 / 18

Апарк ахышәа-ҵышәа иартәоит 39 000 гектар.

13 / 18

Риҵатәи ареликттә парк ҵиаала акыр ибеиоуп.

14 / 18

Араҟа рҽеиҭнырыԥсахлоит еиуеиԥшым абнара хкқәа: колхидатәи, еилаԥсоу абӷьыҭбаақәа, аԥсаҵлатә бнарақәа, альпикатәи аҳәырҭадәқәа у.у.е.

15 / 18

Апарк аҵакыраҟны аӡиақәа рацәоуп, урҭ уажәааны уамакала иԥшӡоуп.

16 / 18

Апарк ахышәа-ҵышәа иартәоит 39 000 гектар.

17 / 18

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аӡиасқәа Гьегеи Ԥшыци ирыбжьаркуеит.

18 / 18

Риҵа лабҿаба избарц зҭахә аԥсшьаҩцәа иҟоу ахьшәашәара иааннакылом.