Алекциақәа ҳрыԥхьоит арҵаҩцәа рзы, машәырк аныҟала аамҭазы ахәыҷқәа ирлас рдәылгара шеиҿыркааша иазку ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа аиҿцәажәараҿы.
"Ашколқәа еилаҳхӡом. Ҳалагеит ахәыҷқәа рацәаны иахьыҟоу рыла. Зегьы ҳарҭаарц ҳгәы иҭоуп. Арҵаҩцәа аҭакԥхықәра рыдуп ахәыҷқәа ршәарҭадара аганахьала, дара рхымҩаԥгашьа иабзоуроуп урҭ рыԥсеиқәырхара, убри аҟнытә машәырк аныҟала аамҭазы, иҟарҵо иақәшәозароуп", - ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.
АҶА Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, анаҩс ргәы иҭоуп инарҭбаау аҵаратә усурақәа рымҩаԥгара, амцарцәагатә машьынақәа адыԥхьаланы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.