Арадио

Ҭарба ауниверситет аҿы иусуразы: иԥсахны џьара амҩа сықәло схы исзаҭәамшьеит

Афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу Иван Ҭарба арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, еиҵагылоу абиԥарақәа адыррақәа рымадара иара изы ҵакыс иамоу.
Sputnik
40 шықәса ҵуеит Иван Ҭарба ауниверситет аҿы аус иуеижьҭеи.
"Ашкол санҭаз арҵаҩы сиҿыԥшуан, аинститут санҭала, апрофессура саҿыԥшуан. Сара сзанааҭ смыԥсахыцт. Иҟан аамҭақәа анахь уиас, арахь уиас ҳәа ансарҳәоз, аха исымуит. Ҳара аҿар еиҵагылоз анаукаҿы кумирцәас иҳамаз Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иԥа рнапхгарала амҩа ҳақәын. Убри аҟнытә иԥсахны џьара амҩа сықәло схы исзаҭәамшьеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.
Иахьа ауниверситет аҿиара иаҿуп, азанааҭ ҿыцқәа аадыртуеит, ҳгәы хны аус аауеит иҳәеит Ҭарба.
"Ҳара ҳколлектив дууп, еиҿкаауп. Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа даҽа ҳәынҭқаррак ыҟоушәа исыԥхьаӡоит. Араҟа аԥыжәара зго апрофессионализм ауп. Зҟазара ҳаракым илшаӡом аусура, игәы ахшәаны дцоит. Аибашьра ашьҭахь ашә ҿамызт, аԥенџьыр ҿамызт, аԥша ҳасуа аус ҳуан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.
Иван Ҭарба игәалаиршәеит 1989 шықәса рзы ауниверситет аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иабзоуроуп иахьа ҳхатәы ҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ахьҳамоугьы ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра инамаданы ауниверситет арҵаҩцәа аҭҵаарадырратә усураҿы рылшамҭақәа рзы, активла рыҭҵаарадырра-практикатә усуразы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьоуп: афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иван Ҭарба, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа.