АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Хҩык урыстәылауаа ҭахеит Сеул Ҳеллоуин аныҳәа аназгәарҭоз, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Алада Кореиа иҟоу урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
"Урыстәыла атәылауаа хҩык ҭахеит. Аҵыхәтәаны иҭахаз хабарда дыбжьаӡит ҳәа ишьан. Лыуацәа ахәшәтәырҭаҿы дырԥшааит. Ахәшәтәырҭаҿы дыԥсит", - иҳәеит ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак.
Итхевон араион аҿы Ҳеллоуин азгәазҭоз ауаа ахьеибарҟьцыз иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит 151-ҩык ауаа, аахақәа роуит 82-ы. Иҭахаз 19-ҩык атәым ҳәынҭқаррақәа иртәылауаауп. Алада Кореиа ахада Иун Сок Иоль иҟалаз арыцҳара иахҟьаны алахьеиқәҵара рылеиҳәеит.