Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Ақәаршыҩ адыд-мацәыс ацны иҟалар ҟалоит Шәача жьҭаара 31 рзы, амшцәгьа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит, абри азы адырра ҟанаҵоит АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәынҭқарратә усбарҭа.
"Жьҭаара 21 2022 шықәсазы шьыжьи шьыбжьышьҭахьи ақәаршыҩ адыд-мацәыс ацны иҟалар ҟалоит Шәача", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиқәырхаҩцәа амшцәгьақәа раан аауаа рыҩнқәа идәылымҵырц азы аҳәара ҟарҵоит, арԥхагатәи афымцатәи маругақәеи гәарҭаларц, иара убас АҶА адырраҭарақәа иацклаԥшырц.