Аԥсны

Ҩыџьа ауаа ҭахеит Кындыӷ иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны

Амашьына аҵла иасит, уи ашьҭахь амца акит амҽышаҽны жьҭаара 30 рзы, ареспубликатә мҩаду Кындыӷ ақыҭа иахьаԥну.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Ҩыџьа ауаа ҭахеит Кындыӷ иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аиқәырхаратә усбарҭахь амашәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟарҵеит 20:18 сааҭ рзы.
Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа иблыз амашьына рбеит. Амца андырцәа ашьҭахь иблыз ҩыџьа ауаа рыԥсыбаҩқәа рбеит. Аҟәатәи аԥсышьҭаҵарҭахь иааргеит.