Ҭагалантәи абеиара: аҽаҩраныҳәа Лыхнашҭа

Акоронавирус апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхны ашҭаҿы имҩаԥысуеит аҽаҩраныҳәа.
Sputnik
Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит жьҭаара 30 аҽны.
Аныҳәахь Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргеит рҽаҩра- изаамҭанытәиу ашәырхкқәа, ашәырҩа, ауҭраҭых, амилаҭтә чысхкқәа, арыжәтә, иара убас инаргеит рнапкымҭақәа, аԥсуа милаҭ маҭәа, ажәытәтә ҩнымаҭәа.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи Аԥсны аҭоурых иадҳәалоу анапкымҭақәа ӡырыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥснытәи аҳәаанырцәтәи аполитикатә усзуҩцәа архивтә рфотоҭыхымҭақәа, аԥсуа ҭаацәарақәа рсахьақәа, амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа, анапкымҭақәа. Иааидкыланы 300 експонат ыҟоуп.
Аныҳәамш аҟны аконцерти аспорттә хәмаррақәеи мҩаԥган.
Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа.
Лыхны — Аԥсны идуу ақыҭақәа иреиуоуп. Ара инхон аԥсуа аҳцәа. Ара иит Нестор Лакоба, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – ажәлар ахьеизо ҭоурых ҭыԥуп.
1 / 16

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит жьҭаара 30 аҽны.

2 / 16

Абыргцәа рыԥсы ршьоит, ажәытә-аҿатә иалацәажәоит.

3 / 16

Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны, ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы.

4 / 16

Аԥсуаа рхы иадырхәо амаҭәарқәа.

5 / 16

Аныҳәа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

6 / 16

Ажь, ахәырма, аҵәа уҳәа ирацәоуп иӡыргаз ашәыр хкқәа..

7 / 16

Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.

8 / 16

Ақыҭақәа жәпакы Лыхнашҭаҿы абысҭа руит.

9 / 16

Аҽаҩра аныҳәа иаҭааз зегьы ирзеиҿкааз афатә-ажәтә агьама рбон.

10 / 16

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи уаҟа ибеит иабду- Ашьҳангьери Бжьаниа ифото.

11 / 16

Аныҳәатә концерт аҟны иқәгылеит жәлар рыкәашарақәа рансамбльқәа реиԥш аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәагьы.

12 / 16

Аиҳабацәа акырӡа ргәалаҟазаара бзиан.

13 / 16

Ажьи қәыԥш Шамиль Апба.

14 / 16

Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокал-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.

15 / 16

Аныҳәа иаҭааз аӡәырҩы милаҭ маҭәала еилаҳәан.

16 / 16

Аныҳәа иаҭааз рыла ишабоз, есышықәса еиԥш сынтәагьы ацә аҵәы иахаҵаны ирӡуан.