Амшын еиқәа Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит иахьа, жьҭаарамза 31 рзы.
Аԥсны аеколог хада арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит Аԥсны иахьаҵанакуа Амшын еиқәа ахәҭа ацқьара зыхҟьоу ҳашьха ӡиасқәа роуп ҳәа. Убри аҟынтә Аԥсны иқәынхо ируалуп ашьха бнақәа реиқәырхара, ашәаԥыџьаԥ аиҷаҳара. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аҳәынҭқарратә абнанхамҩа аквотақәа рыла шықәсык атәылаҟны 28 нызқь кубометра аҵлақәа рыԥҟара азин ыҟоуп. Асовет аамҭазы ари ахыԥхьаӡара 500 нызқь кубометра рҟынӡа инаӡон иҳәеит Ҷыҭанаа. Убри аан иара иазгәеиҭеит аекологцәа ргәаанагарала иахьазы иԥырҟо аҵлақәа рхыԥхьаӡара шеиҵатәтәу. Убасгьы Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит абӷанҷ мыцхәы аҭыгара иҟанаҵо аԥхасҭа атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.