Аԥсны

Александр Новак Аԥсни Урыстәылеи реинырра азҵаарақәа рыӡбра инапы иануп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Александр Новак Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рсоциал-економикатә усеицуреи реинырреи азҵаарақәа рыӡбра инапы иануп. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла аиҳабыра ахада Михаил Мишустин.
Новак иаԥхьа ари амаҵура инапы ианын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин.