Аԥсны

Алхас Малиа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Ӡыгәҭа ақыҭа анхаҩы даанкылоуп

Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит АА АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Алхас Малиа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭа анхаҩы Владимир Акаба даанкылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аусҭҵаара заанаҵтәи адыррақәа рыла жьҭаара 26 асааҭ 19:00 рзы Владимир Акаба иҩнаҭаҿы сасра ииҭаз Алхас Малиа ихы деихсит закәаншьаҭада иаахәаны имаз, ишьақәыргылам абџьар ала.
Малиа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаган, аха иоуз ахәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Жьҭаара 27 азы Владимир Акаба даанкылан, жьҭаара 28 азы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбрала дырбаандаҩын.