Арадио

Лагәлаа Санкт - Петербург дызлахәыз амедиафорум азы: ԥышәа дууп, агәахәа снаҭеит

Афотоҭыхыҩ, авидеоҭыхыҩ, арежиссиор Беслан Лагәлаа еиҭеиҳәеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз амедиафорум дшалахәыз, уахь иигаз иусумҭақәа зызкыз, ас еиԥш аусмҩаԥгатә иалахәхара инаҭаз атәы.
Sputnik
XVI Жәларбжьаратәи амедиафорум "Диалог культур" Санкт-Петербург Ермитаж имҩаԥысуаз аусура хнаркәшеит. Афорум акультуратә программаҟны иҟан адокументалтә кино афестиваль, аекскурсиақәа Гатчино, Тосно, акиностудиа "Ленфильм", амузеи "Прорыв" ахь.
Жәларбжьаратәи амедиафорум иалахәын 11 тәыла рхаҭарнакцәа: Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Таџьықьсҭан, Узбеқьисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, убасгьы Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.