Аԥсны

Москва Аҩны аԥснытәи ахәыҷқәа рмедицинатә реабилитациаз ацхыраара ҟанаҵеит

Ацхыраара мҩаԥган Москва аиҳабыра рԥаразоужьра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Акультура-усутә центр "Москва Аҩны" агәыҳалалратә фонд "Адгылараҭара" хылаԥшра знаҭо Аԥснытәи ахәыҷқәа рмедицинатә реабилитациаз ацхыраара ҟанаҵеит.
"Аԥсны иҷыдоу ахәыҷқәа иҷыдоу акатегориа иаҵанакуеит, урҭ апсихологцәа, арҵаҩцәа, адефектологцәа рҭахуп. Убри азоуп "Москва Аҩны" ацхыраара иахьазы идгылара ӷәӷәаны изаҳзыҟала", - лҳәеит афонд анапхгаҩы Анетта Бганба-Павелкова.
Ахәыҷқәа ирыҭан алшара аинтенсивтә реабилитациа акурс Москва, Швецова лыхьӡ зху амедицина-социалтә реабилитациа ацентр аҿы иахысырц. Иара убасгьы ахәыҷқәа аконсультациақәа ирхыжьын аневрологцәеи апсихиатрцәеи рҟны.
Ацхыраара мҩаԥган Москва аиҳабыра рԥаразоужьра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа рзы. Амедицинатәи атранспорттәи харџьқәа рыхәԥса шәан, иара убасгьы ишәан аҭаацәеи ахәыҷқәеи рынхарҭақәа рыхә.