Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцҵоуп

Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа русура шцац ицоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 9 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 9 рҟынӡа", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥаны аус шыруц ируеит. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.