Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Ҟарабах азҵаара иалацәажәеит

Владимир Путин Азербаиџьани Ермантәылеи рхадацәа хазы-хазы драцәажәеит, анаҩс х-сааҭк инарзынаԥшуа рыхҩыкгьы еилацәажәон.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин, Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев, Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан х-ганктәи аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рзы аицҳәамҭа рыдыркылеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Владимир Путин иазгәеиҭеит, уаанӡа аусдырыҩцәа иаздырхиаз ашәҟәқәа апунктқәа зегьы шышьақәдмырӷәӷәаз- тезисқәак шықәыргыз.
Ус шакәугьы Путин иҳәеит аиҿцәажәарақәа "шьаҿак ԥхьаҟа" ракәны ишыҟоу, аганқәа аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара иалацәажәар шрылшо.
Адокумент инақәыршәаны аганқәа ақәшаҳаҭхеит-амч рхы иадмырхәаларц, уи азы ашәарҭара аҭыԥ арымҭаларц, апроблемақәа зегьы дасу ихьыԥшымра азхаҵарала, аҳәаақәа реиламгарала.
Иара убасгьы ахадацәа инаҵшьны иазгәарҭеит Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра азырхиареи адкылареи хра аманы ишыҟоу, Москва, уи еснагь ацхыраара ишазыхио.
Иара убасгьы иазгәаҭан аҭынчреиҿкааҩцәа арегион аҿы ашәарҭадара шеиҿыркаауа.
Путин, Алиев, Пашиниан Шәача еиԥылеит жьҭаара 31 рзы.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарцәгьеит 2020 шықәсазы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан. Убас, Урыстәыла абжьаҟазарала абҵара 10 азы Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа ҟаҵан. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасит Кельбаџьартәи, Лачинтәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдеит. Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачинтәи акоридор аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа гылеит.