Аԥсны

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭразы азыҳәа ҟарҵеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Аԥсныҟа Урыстәылантәи афымцалашара аарышьҭразы азыҳәа ҟарҵеит авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" аусура ахьеиԥҟьаз иахҟьаны, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
"АЦә "Аҽгәара" аҟны ахьчаратә система аус ауит. Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭразы азыҳәа ҟаҵоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Авольтҳарк цәаҳәа "Аҽгәара" аусура еиԥҟьеит ашьыжь, абҵара 1 азы. Уи иахҟьаны Аԥсны аиҳарак лашарада иаанхеит.