Урыстәылеи Азербаиџьани Ермантәылеи реицәажәара ашьҭахь аицҳәамҭа рыдыркылеит. Адокумент инақәыршәаны аганқәа ақәшаҳаҭхеит-амч рхы иадмырхәаларц, уи азы ашәарҭара аҭыԥ арымҭаларц, апроблемақәа зегьы дасу ихьыԥшымра азхаҵарала, аҳәаақәа реиламгарала.
Аполитолог игәаанагарала ари аиԥылара алҵшәа аиуеит аԥасатәиқәа раасҭа, иара еиҭеиҳәеит, иарбан хҭысқәоу уи атәы зҳәо.
"Ермантәыла ирбоит, Азербаџьани дареи реибашьраҿы аԥасатәи ирымаз адгьылҵакыра шьҭахьҟа ишыдмыргьежьуа. Ашьхатә Карабах астатус аӡбараҿы ԥаса ишырҳәоз еиԥш ихьыԥшым ҳәынҭқарраны, ма Ермантәыла иадлароуп ҳәа, убри азҵаарагьы шьҭа иаанрыжьит, избанзар, усоуп ишыҟало аибашьраҿы уанаҵахалак. Ари Урыстәыла ахы иархәаны ҭынчрак, еинрааларак ахь ииаргар рҭахуп. Даҽа хҭыс дук ҟалеит аҵыхәтәаны, Ердогани Пашиниани еиԥыланы еилацәажәеит. Уаанӡа аиҿагыларақәа аныҟаз асеиԥш ахҭысқәа ҟамлаӡацызт. Аиқәшаҳаҭра аинраалак ахь анеиразы хра аманы иҟалоит. Аха амкьана иаанхоит еиҭа азҵаарақәа еимактәыс иҟоу, аҳәаақәа рызҵаара, иара убас аимак аҭышәынтәалараҿы Урыстәыла иамоуп хәышықәса, иара уи аамҭа ацҵара иҭахуп Путин, аха уи азы егьырҭ аганқәагьы ақәшаҳаҭхароуп - Ермантәыла, Азербаиџьан, Ҭырқәтәыла. Аха убри аангьы иҟоуп аҭагылазаашьа аганқәа реинышәаразы", - иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.