Аԥсны

Аслан Бжьаниа абоксиор Баҭал Ҷежьиа ииааира идиныҳәалеит

Баҭал Ҷежьиеи Максим Смирнови реиндаҭлара мҩаԥысит жьҭаара 29 рзы, уи еиҭахарала ихыркәшахеит, аха анаҩс аӡбаҩцәа рыӡбамҭа рыԥсахит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит абокс азы Урыстәыла ачемпионат аҿы араӡны ԥхьахә занашьахаз Баҭал Ҷежьиа, ииааирагьы идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳәарада ишаҳҭахыз еиԥш зегь зыҟамлеит. Аԥхьа шәеиҭоуп рҳәеит, аха ҳ-Федерациа уи иазашшит, избанзар зегьы ирбарҭан аиааира ҳара ишҳақәнагаз. Араӡны ԥхьахә соуит, иара убасгьы ԥхынҷкәынмзазы ахьтәы медал азы сықәгылараны сыҟоуп", - иҳәеит аспортсмен, ахада ҭабуп ҳәа иаҳәо.
Урыстәыла ачемпион ҳәа ахьӡ аԥсахаразы аиқәԥара мҩаԥысит жьҭаара 29 рзы. Абоксиорцәа 79 кьыла иҟоу акапан акатегориаҿы еиндаҭлон, аа-раундк ыҟан.
Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" агәаанагарала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп. Апрофессионалтә ринг аҿы аиԥыларақәа 16 мҩаԥигахьеит, урҭ рахьтә аиааирақәа 11, аиҭахарақәа 2, аҵахарақәа 3 имоуп.