Аԥсны

Быҭәбеи Фисенкои агәабзиарахьчара аусхк аҟны русеицура иалацәажәеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенкои.

Быҭәба ҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгареи аколлективи атуристтә аамҭазы иҟарҵаз ацхырааразы. Башкортостантәи аҳақьымцәа хымз Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы аус руит.

Иара убас аиԥылараҟны иалацәажәеит аепидҭагылазаашьеи Аԥсни Урыстәылеи рмедусзуцәа рԥышәа аимадареи азҵаатәқәа.