Аԥсны

Урыстәыла Афедерациа ахеилак Аԥсны акредит азы аиҭакрақәа шьақәнарӷәӷәеит

Уаанӡа Урыстәыла Аҳәынҭдума Аԥсны акредит азы иҟоу аԥҟарақәа реиҭакразы аԥкаанҵа азнархиеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Урыстәыла Афедерациа ахеилак Аԥсны акредит азы 2034 шықәсанӡа аԥкаанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә експорттә кредит аҭаразы аурыс-аԥсуа еиқәшаҳаҭра нап аҵаҩын 2010 шықәсазы. 2012 шықәсазы иалагалаз аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны аихамҩа аиҭашьақәыргылареи арҿиареи рзы иаҭан ҩ-миллиард мааҭ иҟаз аҳәынҭқарратә експорттә кредит. Акредит ахархәара хыркәшахеит 2013 шықәсазы.