Урыстәыла Украинантәи ахәдықәҵара шаиулак "арыцтә еилаӡара" иазыхынҳәуеит

Киев атеррористтә жәылара мҩаԥыргеит Севастополь анҭыҵтәии аҩнуҵҟатәи аӡқәа рҿы иҟаз Амшынеиқәатәи афлот иаҵанакуа аӷбақәеи аграждантә ӷбақәеи рганахьала, уи ашьҭахь Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит "арыцтә еилаӡара" ишалҵуа азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Урыстәыла, Ҭырқәтәылеи ЕАРи рыцхыраарала Украина аҩыратә хәдықәҵара азхоны иахәаԥшуеит "арыцтә еилаӡара" азыхынҳәра ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи Афедерациа "арыцтә еилаӡара" азыхынҳәразы аҩыратә хәдықәҵара азхоны иахәаԥшуеит", - рҳәеит арратә усбарҭаҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит, уп Киев официалла ишышьақәнарӷәӷәаз Амшынеиқәаҿтәи аӡыбжьарамҩа арыц амҩангараз мацара ахархәара шарҭо.
Сҭампыл ԥхынгәы 22 рзы рнапы аҵарҩит афатәи арҵәыгақәеи адунеитә џьармыкьақәа рахь рынашьҭра апроблемақәа рыӡбаразы еицеиԥшьу адокументқәа ҩба. Актәи амеморандум иазԥхьагәанаҭоит адунеитә џьармыкьақәа рахь урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи арҵәыгақәеи ралгаразы еиуеиԥшым аԥынгылақәа раԥыхразы ЕАР ахәдықәҵақәа агарц. Аҩбатәи амеморандум иазԥхьагәанаҭоит украинатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ Киев анапаҵаҟа иҟоу амшынеиқәатәи абаӷәазақәа рҟынтәи ралгара ашьаҿақәа. Аха, Москва ишаанацҳауа ала, Урыстәылантәи арыц алгара азҵаараҿы аилаӡара макьана аус ауӡом. Иазԥхьагәаҭан уи аусру ааннакылоит абҵарамза 19 рзы ҳәа.