Аԥсны

Аиааира Ахраҿа: Аҟәа иаатит ашьапылампыл маҷ азы аицлабра аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара

Аицлабра азкуп 1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа ргәаларшәара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы X аиубилеитә еицлабра "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 3 рзы. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Атурнир алагамҭаз акоманда "Аԥсны" акоманда "Динамо – Алтаи" иацхәмаруан. Ари ахәмарраҿы аԥшәмацәа 1:5 ҳәа иаҵахеит. Аҩбатәи ахәмарра абҵара 4 рзы имҩаԥгахоит. Иаиааиуа ицхәмаруеит казантәи "Монолит".
Атурнир хә-командак алахәуп: "Кузбасс" (Кемерово), "Динамо - Алтаи" (Барнаул), "Монолит" (Казан), "Махачкала" (Махачкала), "Аԥсны" (Аԥсны).
Ахәмаррақәа есыҽны имҩаԥгахалоит асааҭ 10:00 инаркны. Аицлабра хыркәшахоит абҵара 9 рзы.