Урыстәыла ААР иакьыԥхьит аиадертә еибашьра алмыршаразы аҳәамҭа

Аиадертә ҽынкылара аусхк аҿы Урыстәыла напхгаганы иамоуп аиадертә еибашьра аҟалара алмыршара, иаиааиуа дҟалом ҳәа иазыԥхьаӡаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Урыстәыла аглобалтә стратегиатә ҭышәынтәалара аиҿкааразы иқәгылоит, "аиадерә тәылақәа ахәба" рахьгьы ааԥхьара ҟанаҵоит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра рнырҵәага абџьар ахархәарала апровакациақәа ирыцәхьаҵырц.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра абри азы иакьыԥхьит аҳәамҭа.

"Аиадертә бџьар ахархәарала Урыстәыла ҭагылазаашьа заҵәык аҿоуп аҭакҟаҵара алшоны иахьабо – иара ахаҭа ахархәарала ашәарҭара иҭадыргылазар, ма иаабац абџьар ала атәыла аҟазаареи аҟамзаареи рхықәахь инагазар", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Урыстәыла амилаҭтә шәарҭадара аҵшәаара иазырхоу, иҭакԥхықәдароу ахымҩаԥгашьа иахҟьаз иахьатәи акыр имариам, ишәарҭоу аамҭазы ҳара иаҳус хадоу аиадертә бџьар змоу аҳәынҭқаррақәа еиҿамгылартә, еинымҟьартә аҟаҵароуп ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.