Урыстәыла Арбџьармчқәа Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи амотошьаҟауаа ржәылара ԥхьарцеит

Урыстәылатәи аруаа аӷа амцаԥшь ижәҵаны шьҭахьҟа дыԥхьарцеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Херсонтәи аобласт Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы аҿы украинатәи амотошьаҟауаа ррота ржәылара ԥхьарцеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Херсонтәи аобласт Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа аиланхарҭақәа Мыловое, Суханово, Брускинское, Ишьенка рҿы ижәылаз УАМ амотошьаҟауаа ррота ԥхьарцеит", - ҳәа аҳәоит урыстәылатәи арратә аусбарҭа адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп аӷа дызхыҵыз аҭыԥқәа рахь дышԥхьацаз.
"Аӷа ицәыӡит аруаа 80-ҩык рҟынӡа ишьуи ихәуи, акәылӡмашьынақәа фба, автомашьынақәа быжьба", - ҳәа аҳәоит адырраҭаара.
Урыстәылатәи авиациа Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи авертолиот Ми-8 канажьит . Аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп 168 украинатәи авертолиотқәа.