Аԥсны

Урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла Аԥсны абанктә операциақәа рымҩаԥгара 24% иацлеит

Урыстәылатәи аԥарашәаратә система ахсаалага "МИР" аус ауеит Аԥснеиԥш аҽа жә-тәылак рҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла Аԥсны абанктә операциақәа рымҩаԥгара 24% иацлеит ҵыԥх аасҭа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" анагӡаратә директор Инал Кьышьмариа.
Иара иажәақәа рыла 2022 шықәсазы атуристцәа активла абанктә хсаалагақәа "Мир", VISA, Master Card рхы иадырхәон.
"Урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла Аԥсны абанктә операциақәа рымҩаԥгарала аԥареикәыршара 2022 шықәса абҵара 1 азы 14 млрди 477 млн мааҭ артәеит. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны аԥареикәыршара 127% иацлеит. Ари зыдҳәалоу акурорттә аамҭа аманшәалара аасҭагьы Урыстәыла акәшамыкәша аполитикатә ҭагылазаашьоуп, асистема "МИР" ахсаалагақәа рактивтә аемиссиоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылатәи аԥарашәаратә система аус ауеит: Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭырқәтәыла, Виетнам, Алада Кореиа, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьикистан, Узбекистан. Иҟоуп ҭыԥқәак асистема аусура ахьыуадаҩу.
Аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ахсаалага "АԤРА" рхархәарагь 18% иазҳаит.
Кьышьмариа иажәақәа рыла 2021 шықәса иаҿырԥшны ахсаалагақәа рыла атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы ашәарақәа 50% иацлеит (487 млн мааҭ).
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" асистема "Мир" иалархәуп. "Мир" ахьрыдыркыло атәылақәа зегьы рҿа аԥснытәи ахсаалагақәа аус руеит. 2022 шықәса рзы Аԥсны анҭыҵ имҩаԥган 63 млн мааҭ рыхә аоперациақәа.