Аԥсны

Урыстәылатәи аофтальмологцәа 2168-ҩык Аԥсны ауааԥсыра рыдыркылеит

Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр аҳақьымцәа Аԥсны русура мҩаԥыргоит цәыббра 27 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Урыстәылатәи аофтальмологцәа Аԥсны ирыдыркылеит 2168-ҩык ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Дарбанзаалак илшон хәыда-ԥсада иблабара агәаҭара. Урыстәылатәи аҟазацәа адуцәа реиԥш быжьшықәса ирҭысхьоу ахәыҷқәагьы рыблақәа гәарҭон. Ацентр 14 еиланхарҭа ҭыԥ рҿы ауаа ргәаҭара мҩаԥнагеит.
Иазгәаҭоуп, ареспублика ауааԥсыра реиҳараҩык ишрыдбалоу аблаҵәца ахәашьра, аӡҩежь, ахарабара, ааигәабара.
Иҟан аҭагылазаашьақәа аԥҟара ахьаҭахыз.