Аԥсны

Аԥсны аҳазалхратә еилакы 2022 шықәса жәамз рыҩнуҵҟа ашәарақәа заҟа ыҟоу рҳәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ашәарақәа жәамзтәи ауснагӡала иарбаз алагала 20% иацҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. 2022 шықәса жәамз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа идыртәеит 2,4 миллиард мааҭ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.

Абас ала уснагӡала иарбаз 120% рыла инагӡоуп, иарбаз ахыхь 403 миллион мааҭ ацҵоуп.

Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны абри аамҭазы 229,6 миллион мааҭ рыла еиҳауп алагалақәа, ҵыԥх еизган жәамз рыҩнуҵҟа 2,17 миллиард мааҭ.
2022 шықәса жьҭаарамзазы еизган 262,5 миллион мааҭ, ари иарбаз аасҭа 19,1 миллион рыла еиҳауп.