Аԥсны

Бжьаниа имҩаԥигахьоу иусуразы аҳасабырба шыҟаиҵо атәы иҳәеит

Аԥшьаша, абҵара 3 рзы атәыла ахадеи Абыргцәа рхеилак алахәылацәеи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хара имгакәа Аԥсны жәлар рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥшьаша, абҵара 3 рзы атәыла ахадеи Абыргцәа рхеилак алахәылацәеи аиԥылара мҩаԥыргеит. Апресс- маҵзура излаанацҳауа ала Ахеилак атәыла ахада имҩаԥиго аполитикатә хырхарҭа иадгылоит.

Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа Аслан Бжьаниа игәалаиршәеит алхрақәа рыламҭалазы имҩаԥиго аусуразы ажәлар рҿаԥхьа аҳасабырба шыҟаиҵало азы ириҭаз ажәа. Бжьаниа иҳәеит, хара имгакәа Аԥсны жәлар рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵараны дшыҟоу.

Аиԥылараҟны иара убасгьы ирылацәажәан аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра, амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ахарадҵаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара, зқьышықәсала еиқәырханы иаарго аҵас бзиақәа шьаҭас иаҭаны абиԥарақәа рааӡара аус уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа.