Аԥсны

Ихыркәшахеит арра-спорттә еицлабрақәа “Аиааира”

Актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа акоманда, аҩбатәи - Гагра, ахԥатәи - Тҟәарчал. Зынӡа аицлабрақәа ирылахәын Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рҟынтәи аакомандак.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Арра-спорттә еицлабрақәа “Аиааира” хыркәшахеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Галтәи акоманда азыҟаҵаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр.
Актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа акоманда, аҩбатәи - Гагра, ахԥатәи - Тҟәарчал. Зынӡа аицлабрақәа ирылахәын Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рҟынтәи аакомандак.
"Есышықәсатәи аицлабрақәа аковид иахҟьаны аҵыхәтәантәи аҩышықәса имҩаԥырымгацызт. Сынтәатәи аицлабрақәа иаҳдырбеит уи шаҟа иҳагыз. Аҟәатәи акоманда даара ибзианы аицлабра иазыҟаҵан. Рхы бзианы иаадырԥшит Гагра акоманда. Иазгәасҭар сҭахуп Гал акоманда, уаареигәырӷьартә рхы аадырԥшит ахәбатәи аҭыԥ ныркылеит. Уаанӡатәи ашықәсқәа раасҭа акыр ишеиӷьыз убарҭахеит" ҳәа иҳәеит иара.
Акомандақәа еицлабуан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла - аишьҭагыланыҟәара, ашаха ахара, аҩра (100; 800; 1000 метра), автоматла ахысра уҳәа.
Аицлабра мҩаԥысуан жьҭаара 31 инаркны абҵара 4 нӡа, уи иалахәын 10-11 аклассқәа рҵаҩцәа. Аицлабра еиҿыркааит Аԥсны Аҵара аминистрреи Атәылахьчара аминистрреи.