Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьыри Ҭарԥҳаи арра-спорттә хәмарра "Аиааира" аихшьаала иазкны

Sputnik
XVI Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа рзы арра-спорттә хәмаррақәа "Аиааира" ахысырҭа Баӷмаран аҿы имҩаԥысит. Уи иалахәын Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегь рҟынтәи еизгоу акомандақәа. Ауснагӡатә ҩ-хәҭакны еиҿкаан. 10-11 аклассқәа рҵаҩцәа аҩра, аишьҭагыланыҟәара, автоматқәа реимыхреи реибыҭареи, ахысра уҳәа рзы еиндаҭлон.
Галтәи еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыри аицлабраҟны аиааира згаз Аҟәатәи акоманда алахәыла Амра Ҭарԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы ахәмаррақәа реихшьаала ҟарҵеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.