Аԥсны

Риҵатәи апарк аҟны адгьылҳәазарақәа рышьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит

Риҵатәи ареликттә парк аҟны иҳәазаз амҩа аиҭашьақәыргылара 17 милл мааҭ артәоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥссарахь ухазгало амҩаду 41-тәи акилометр аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Риҵатәи апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Иара иҳәеит амҩа ахьҳәазаз Риҵа аӡиа ахԥшыларҭа ахахьы амашьынақәа ахьдыргыло азааигәара шакәу.

"Адгьылҳәазарақәа шықәсқәак раԥхьа иалагахьан, аха ҵыԥхтәи асы илеиз ашьҭахь иаҳбарҭахеит ӷәӷәала адгьыл шлеиз. Ҳара аԥыза-министр ихьӡала ашәҟәы ҳаҩит, Акапиталтә ргылара аусбарҭеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, анардадкылаҩцәа ҳарҭеит, жәацы арҽеиратә усурақәа ирылагеит", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Риҵатәи апарк адиректор иажәақәа рыла, иааидкылана апроект 17 миллион мааҭ артәоит, анардадкылаҩцәа 11 милл мааҭ рзыршәахьеит азахә аҳасабала.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ауадҳареи Риҵеи амҩа шаркым. Арҽеиратә усурақәа хыркәшахоит ашықәс ҿыц аламҭалазы.
Аӡиа Риҵа: изеиԥшроузеи аԥсабаратә нашана ҭагалантәи асахьа