Аԥсны

Урыстәылауаҩ иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәырҵеит Аҟәа анаркотикқәа ахьалаирҵәоз азы

22-шықәса зхыҵуа, Таџьикистан ииз Урыстәыла атәылауаҩ Буриев рашәарамзазы анаркотикқәа ахаьалирҵәоз азы даанкылан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә аусӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ Собирхон Буриев анаркотикқәа ахьаалирҵәоз азы иԥсы ахьынӡаҭоу аҭакра иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Буриев ауааԥсыра ргәабзиара ашәарҭара иҭаиргылоит ҳәа ахара идҵан. Иаанкылараан иара идбалан аларҵәараз ихиан имаз 50,108 грамм аметадон.
Буриев анаркотик аилаҳәарақәа 11-11 грамм иҟаз хԥа шьҭеиҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ааигәара.
Собирхон Буриев ихарарҵаз дақәшаҳаҭымхеит аусӡбара амҩаԥысраан, заанаҵтәи аусҭҵаараан азинхьчаратә усбарҭақәа аус рыцура дшақәшаҳаҭхазгьы, аҵәахырҭа ҭыԥқәа шыдирбозгьы.
Аусӡбарҭа аӡбамҭа амчра аиуаанӡа иара ахара идуп ҳәа иԥхьаӡаӡам. Аӡбамҭа ахашшара азин имоуп 15 усутә мшы рыҩнуҵҟа.
Аԥсны
Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа даанкылоуп