Аԥсны

Аҟәа даанкылоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа здырбалаз Қырҭтәыла атәылауаҩ

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Аԥсны ААР закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭеи Аԥсны АШәМеи русзуҩцәа Аҟәа дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩ Асмаҭ Таваӡе закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала анаркотикатә маҭәашьар алагалареи аҵәахреи рзы гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп иара убасгьы, иаанкылоу 29 шықәса зхыҵуа Таваӡе Аԥсны атәылауаҩ шәҟәгьы шлымоу.
Таваӡе дахьынхоз аҭыԥаҿ иԥшаан ҩ-еилаҳәарак зыҩнуҵҟа аххыра маҭәашьар згәылаз, иара убас қырҭтәылатәи атәылауаҩшәҟәыи Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә символика абираҟ ақәӡах еиԥшны.
Акриминалтә-експерттә лабораториа иаанырԥшит, иаанкылоу илыдбалаз аилаҳәырақәа иргәылаз 10 граммк инреиҳаны мефедрон шакәыз.
Аусӡбарҭа азыӡбала Асмаҭ Таваӡе дырбаандаҩуп. Азинхьчаратә усбарҭа аусҭҵаара иацнаҵоит.
Аԥсны
Урыстәылауаҩ иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәырҵеит Аҟәа анаркотикқәа ахьалаирҵәоз азы