Аԥсны

Алада Ԥшьаԥ ақыҭан анхарҭа ҩны блит

Гәылрыԥшь араион абылрацәыхьчара -аиқәырхартә ҟәша анхарҭа ҩны абылра зыхҟьаз еилыркаауеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Еихагыларак змоу анхарҭа ҩны блит Гәылрыԥшь араион Алада Ԥшьаԥ ақыҭан абҵара 4 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
Гәылрыԥшь араион амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь амҩа иқәлеит асааҭ 21:25 рзы.
Амцакра иахҟьаны х-уадаки, ахыб абжеи, алыӷәреи блит.
Лабиа иҳәеит аҩны инхоз ауааԥсыра аӡәгьа акагь шырмыхьыз. Иазгәеиҭеит амцакра зыхҟьаз макьана ишеилкаам.
Аԥсны
Лев Кәыҵниа АҶА жәымзтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит