Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лев Кәыҵниа АҶА жәымзтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит

© Foto / Кабинет Министров РА Министр по чрезвычайным ситуациям Лев Квициния доложил премьер-министру Александру Анквабу о результатах деятельности ведомства
Министр по чрезвычайным ситуациям Лев Квициния доложил премьер-министру Александру Анквабу о результатах деятельности ведомства - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа Аԥсны АҶА аусзуҩцәа еиқәдырхеит 96-ҩык ауааԥсыра.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит аусбарҭа жәымзтәи аусура атәы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
2022 шықәсазы аӡаҿы иҭахеит 12-ҩык: хҩык Аԥсны ауааԥсыреи жәҩык Урыстәыла ауааԥсыреи. Аҳасабырбатә аамҭазы АҶА аусзуҩцәа 38 ԥшаара мҩаԥыргеит, 29-ҩык еиқәдырхеит, хәҩык иҭахаз рыԥсыбаҩ рыԥшааит.
МЧС_РА очистка дна побережья - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА аҟны еиҭарҳәеит 2022 шықәса аҩнуҵҟа аӡиасқәеи амшыни шаҟаҩы агаз
Лев Кәыҵниа иҳәеит жәымз рыҩнуҵҟа 808 мцакра шыҟалаз, хәҩык шҭахаз. 303 мцакра адәнытә мцакрақәа иреиуан. Ажьырныҳәа аахыс аусбарҭа аусзуҩцәа 1 200 ргылара гәаҭан ирхысит.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны ихацыркын 224 административтә ус, ахараԥсақәа идыртәеит 1,4 миллион мааҭ. Иара убасгьы АҶА ахада еиҭеиҳәеит Донбасс ауааԥсыра рзы агуманитартә акциақәа рымҩаԥгара атәы. Ажәахә аихшьалақәа ҟаҵо, аԥыза-министр иҳәеит аусбарҭа аусура ахәшьара ҳарак шеиҭо, ԥхьаҟазы еиуеиԥшым абжьгарақәа ҟаиҵеит.
Кәыҵниа Донбасс еибашьуа аԥсуа ҷкәынцәа рзы: ҳнеира ргәы шьҭнахуеит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2022
Арадио
Кәыҵниа Донбасс еибашьуа аԥсуа ҷкәынцәа рзы: ҳнеира ргәы шьҭнахуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0