Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Цкәуа ААУ арҵаҩцәа рзы акурсқәа ирызкны

ААУ аспирант, Аҟәатәи ашкол аҭоурых азы аруаҩ Солидаҭ Цкәуа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит акурсқәа хра рыланы ишымҩаԥысуа, насгьы урҭ ирнаҭо аԥышәа, далацәажәеит ахәыҷқәа аурок рызнагараҿы ихатә ԥышәа атәы.
Sputnik
ААУ аҿы имҩаԥысуеит абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа рдыррақәа реизырҳаразы акурсқәа. Сынтәа алекциақәеи асеминарқәеи Аԥсны аҭоурыхи ауаажәларрадырреи амаҭәарқәа рырҵаҩцәа рзы еиҿкаауп.
Ауниверситет арҵаҩратә еилазаара иаҳзаԥхьоит алекциақәа, ари акырӡа аҵанакуеит аҿар ҳзы ҳәа азгәеиҭеит Цкәуа аиҿцәажәараҿы.
"Акурсқәа иалдыршоит ҳарҵаҩратә ԥышәа аҩаӡара ашьҭыхра, аизырҳара. Ҳалацәажәоит еиуеиԥшым аимак змоу азҵаарақәа, еилҳаргоит, Аԥсны аҭоурых арҵаразы еиҳа ахшыҩзышьҭра зҭатәу азгәаҳҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Арҵаҩы еиҭеиҳәеит аҿар аурок рызнагашьаҿы ихатә ԥышәа атәы, иҳәеит арҵаҩы изанааҭ иаднаԥхьалартә еиԥш иҟаҵатәу ҳәа гәаанагарас имоу атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.