Аԥсны

Ԥхынгәымза инаркны цәыббрамзанӡа урыстәылауаа иаҳа изҭаауаз ҳәа Аԥсны алкаахеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Урыстәылауаа ԥхынгәымза инаркны цәыббрамзанӡа хыԥхьаӡара рацәала изҭаауаз ҳәа иалкаахеит Аԥсны. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура шьаҭас иааганы.

Ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны аҳәаа иахысит 2,5 миллионҩык ауааԥсыра.

Аҩбатәи аҭыԥаҿ иҟоуп Ҭырқәтәыла, уахь ицеит 2,1 миллионҩык ауааԥсыра еиҳарак аԥсшьараз.
Аԥхьагыларатә сиа, иара убасгьы ианылеит Ҟазахсҭан (1,3 миллиона), Қырҭтәыла (461 000), Ермантәыла (267 000) Киргизиа (167 000), Таџьикистан (103 000). Убри аан арҭ атәылақәа Қырҭтәыла ада хәышықәсатәи арекорд еиҭашьақәдыргылеит.
2022 шықәса ԥхынгәымза инаркны цәыббрамзанӡа Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура ашәҟәы иҭаргалеит атәымҳәынҭқаррақәа рахь ицаз 9,7 миллионҩык ауааԥсыра , 2019 шықәса иаҿурԥшуазар ахыԥхьаӡара акырӡа еиҵоуп, усҟан аҳәаа иахысит 16,1 миллионынтә.
Аԥсны
Абҵарамза анҵәамҭаз ашықәс ҿыц азы Аԥсны аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара иацлоит