Аԥсны

Ҳашԥсытәи аҩхааҿы ԥҳәыск дыӡит

Аԥҳәыс ҩаха илышьҭоуп, макьана дырзымԥшааӡацт.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Гагра абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәеи Ҳашԥсытәи аҩхааҿы иӡыз аҭыԥантәи аԥҳәыс илышьҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп аԥҳәыс абҵара 4 рзы кәыкәбааҟәшәара уи аҭыԥ ахь дышцаз, уажәраанӡагьы лыхабар шыҟам. Аԥҳәыс лҭынхацәа дшыӡыз азы АҶА ахь адырҩаҽны адырра ҟарҵеит.
Аԥшаарақәа ирылахәуп 17-ҩык аиқәрыхаратә маҵзура аусзуҩцәа.