Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арџьениа Аԥсуа телехәаԥшраҿы иусура иацу агәалашәарақәа ирызкны

Sputnik
44 шықәса раԥхьа абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡа акәны аефир ахь ицәырҵит. Ажурналист Енвер Арџьениа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ателехәаԥшрахьы инеира шыҟалаз, уи аефир ахь ацәырҵра ҵакыс иамаз, игәалаиршәеит аспорт ахҳәааҟаҵара дшалагаз, насгьы "амаркатыл" ажәа ихаҿы ишааиз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.