Шәача ҩнеихагылак абарҵа ҿыбган, ҩыџьа ауаа ҭахеит, ашьаус хацыркуп

Аҭыԥ аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, урҭ иҟалаз шыҟалаз аилкаара иаҿуп, уи мзызс иаиуз, ҭагылазаашьас иҟаз ҭырҵаауеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Абҵара 6 ахәылбыҽха Шәача Донтәи амҩа аҩнеихагылақәа руак абарҵа аҿыҩрны икаҳан, ҩыџьа ауаа ҭахеит, абри афакт ала Урыстәыла Ашьаустә еилакы Шәачатәи агәҭантәи араионтә ҟәша ашьаус хацнаркит.
Уаҳа аилаҳарақәа ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟам. Абарҵа ахьҿыҩрыз зыхҟьаз макьана еилкаам.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, хә-еихагылак змоу аҩны хыхьтәи аихагыла иаҿаз абарҵа анҿыбгоз, уи иқәгылан ҩыџьа ахацәеи ԥҳәыски. Хаҵаки ԥҳәыски иаразнак иԥсит, даҽа хаҵак ахәра ӷәӷәақәа иманы ахәшәтәырҭахь днаргеит.
Аҭыԥ аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, урҭ иҟалаз шыҟалаз аилкаара иаҿуп, уи мзызс иаиуз, ҭагылазаашьас иҟаз ҭырҵаауеит.