Адоуҳатә ашәақәа: Мықәтәи ауахәамаҿы имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт

Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи агәыҳалалратә концерт еицымҩаԥыргеит Мықәтәи ауахәамаҿы амҽыша, абҵара 6 рзы.
Sputnik
Аҟазаратә коллективқәа рыҩбагьы ррепертуар иалан аԥсуеи аурыси доуҳатә ашәақәа. Иара убас дара еицынарыгӡеит "Ахәрашәа". Зынӡа инарыгӡеит 20 рҿиамҭа.
Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥсуа капеллеи раԥхьаӡа акәноуп ашәа анеицырҳәо.
Аконцерт аҿы еизыргаз аԥара ажәытә уахәама аиҭашьақәыргыларахь ишьҭхоит.
1 / 16

Абҵара 6 рзы Мықәтәи ауахәамаҿы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.

2 / 16

Уи ҩ-коллективк еицымҩаԥыргеит - Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи.

3 / 16

Аконцерт еиҿыркааит Аԥсны акультура аминистрреи Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәамеи.

4 / 16

Информациатә дгылаҩс иҟан Sputnik Аԥсны амаҵзура.

5 / 16

Аҟазаратә коллективқәа рыҩбагьы ррепертуар иалан аԥсуеи аурыси рдоуҳатә ашәақәа.

6 / 16

Иара убас дара еицынарыгӡеит "Ахәрашәа".

7 / 16

Аконцерт алагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ақәгыларала.

8 / 16

Дара инарыгӡеит “Ажәытә аԥсуа литургиатә шәаҳәара”.

9 / 16

Аконцерт иацнаҵеит Сретентәи аберҭыԥ ахор.

10 / 16

Дара ррепертуар иалан 10 инареиҳаны аурыс милаҭтәи адоуҳатәи ашәақәа.

11 / 16

Агәыҳалалратә концерт иазыӡырҩырц Мықәтәи ауахәамахь инеит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, Урыстәылантәи асасцәагьы.

12 / 16

Агәыҳалалратә концерт аан Мықә инхо аԥҳәыс ауахәама анкьа иатәыз аныхачаԥа азлырхынҳәит. Асовет аамҭазы иԥшьоу ахаҿсахьа дәылганы икарыжьит, агәамсам илажьыз аныхачаԥа збаз аԥҳәыс еиқәлырхеит.

13 / 16

Аконцерт ахь аҿаргьы маҷымкәа инеит.

14 / 16

Адоуҳатә ашәақәа анынарыгӡа ашьҭахь, Сретентәи аберҭыԥ ахор ауахәама ашҭаҿы ашәаҳәара иацнаҵеит.

15 / 16

Еизаз урҭ ашәа рыцырҳәон.

16 / 16

Аконцерт аҿы еизыргаз аԥара Мықәтәи ауахәама аиҭашьақәыргыларахь ишьҭхоит.