Аԥсны

340 нызқь мааҭ инеиҳаны еизган Мықә имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы

Еизгоу аԥарақәа зегьы азырхахоит X ашәышықәсаз Леон III иаамҭаз иргылаз аныхабаа аиҭашьақәыргылара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. 342 734 нызқь мааҭ еизган амҽыша Мықә ақыҭан имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы ҳәа аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Аминистр Даур Ақаҩба агәыӷра ааирԥшит ԥхьаҟагьы Аԥсны асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа еиҿкаахалап ҳәа.

"Сретентәи аберҭыԥ ахор ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аамҭа ԥшааны Аԥсныҟа иахьаҳзааз. Аԥсны адоуҳатә ԥсҭазааразы акраҵанакуеит ари ахор ақәгылара, амузыка иазыӡырҩырц арахь иааиз ҳауаажәлар еиднакылеит", - иҳәеит иара.

Аконцерт шхыркәшоугьы аԥареизгара шцац ицоит, изҭаху илшоит онлаин агәыҳалалратә ԥарашәара.
Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи агәыҳалалратә концерт еицымҩаԥыргеит Мықәтәи аныхабааҿы амҽыша, абҵара 6 рзы. Арҿиаратә коллективқәа ҩба инарыгӡеит аурыси аԥсуеи доуҳатә ашәақәа. Аколлективқәа еицынарыгӡеит "Ахәра ашәа" назлаз 20 рҟынӡа ашәа.
Адоуҳатә ашәақәа: Мықәтәи ауахәамаҿы имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт