Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ жә-шықәса ҭакрала ахгара лықәҵоуп

Очамчыра инхоз Рада Кәакәасқьырԥҳа Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура ҟалҵеит ҳәа агәызҩара ыҟан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7- Sputnik. Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа 19 шықәса зхыҵуаз, Очамчыра инхоз Рада Кәакәасқьырԥҳа жә-шықәса арежим ӷәӷәа аколониаҿы ҭакрала ахгара лықәнаҵеит гәҭакрыла ауаҩы ишьразы ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара аверсиала лара лдыр Азамат Такаишьвили Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу Смецкои исанатори аҵакыраҿы еиԥыларц диҳәеит аватарказ афотосахьақәа ҭырхразы. Ахыбра аԥшьбатәи аихагылаҿы Кәакәасқьырԥҳа сааҭыбжак ала Такаишьвили ифотосахьақәа 679 цыра иҭылхит.
Анаҩс, ибӷа леиарханы дангыла, дышҭахоз шылдыруазгьы, дигәҭасны дкалыжьит. Азамат Такаишьвили дахькаҳаз, иԥсҭазаара далҵит. Рада Кәакәасқьырԥҳа ари аҭыԥ аҟнытә дыбналеит. Аԥсыбаҩ ианиеит урыстәылатәи атуристцәа. Аӡбарҭаҿы Кәакәасқьырԥҳа ахара лыдылкыломызт, заанаҵтәи аусҭҵаарақәа раан лҿы шлықәшаҳаҭхахьазгьы.
Аԥсны
Алхас Малиа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Ӡыгәҭа ақыҭа анхаҩы даанкылоуп