Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Тыҩба ашьхымзааӡара изацу агәахәареи ауадаҩреи ирызкны

Ԥшьаԥ ақыҭан инхо Заур Тыҩба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит анхаҩы иахьа игәы камыжькәа дынхартә еиԥш алшара шыҟоу, еиҭеиҳәеит ашьхымзааӡара ахынҭаҩынҭара шацугьы, рныҟәгара еидараны ишимам, аха убри аангьы аҭираҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы далацәажәеит.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.