Хҩык ауаа ҭахеит Шәача аҩнеихагылаҟны абарҵа ахьҿыбгаз иахҟьаны

Иҿыбгаз абарҵа иқәгылан 60 шықәса зхыҵуаз хаҵаки 37 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси, дара иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Хҩык ауаа ҭахеит Шәача ҩнеихагылак аҟны абарҵа ахьҿыбгаз иахҟьаны, аҩуеит РИА Новости Краснодартәи атәылаҿацә АХ апресс -маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
Ааха ӷәӷәа зауз 46 шықәса зхыҵуаз ахаҵа ахәшәтәырҭахь днаган. Аха уа иԥсҭазаара далҵит.
Абҵара 6 ахәылбыҽха Шәача Донтәи амҩа аҩнеихагылақәа руак абарҵа аҿыҩрны икаҳаит. Уи аамҭазы абарҵа иқәгылан хҩык ауаа.
Шәача ақалақь анапхгара ирымоу аинформациала, аҩны ргылан 1958 шықәсазы, имашәыртәу ҩнуп ҳәа иԥхьаӡамызт. Ауаа рҭахара инадҳәыланы Ашьаустә заакәанеидкыла ахәҭаҷ 109 ахәҭа 3 ала ашьаус хацыркуп.
Шәача ҩнеихагылак абарҵа ҿыбган, ҩыџьа ауаа ҭахеит, ашьаус хацыркуп