Арадио

Ҳаразиа ахәыҷбаҳчақәа русура алашара аныҟам аамҭазы: уажәшьҭа ҳҽаҳаршьцылеит

Афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара ахәыҷбаҳчақәа ишырнԥшуа атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Sputnik
Афымцалашара арцәара зынӡа ипроблема ӷәӷаны иҟоуп ҳәа сызҳәом ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳаразиа, аҭагылазаашьа ҳҽақәыршәаны аус аауеит ҳәа инаҵишьит иара.
"Алашара арцәара раԥхьатәи амш азы ауадаҩрақәа ҳаман, избанзар ҳгәыҳҽанӡамкәа иҟалеит ахҭыс. Уажәшьҭа ҳҽаҳаршьцылеит. Асааҭ 10 инаркны 11-нӡа иҟаӡам алашара. Ахәыҷқәа рхәы занааҵы иҟарҵоит. Арԥхагақәа рыдагьы ауадақәа рҿы адашьма аԥхарра аҵоуп, сааҭкала ауада ахьшәашәара иахьӡаӡом. Ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп. Ахәыҷбаҳча ада ԥсыхәа змам аҭаацәа роуп иаазго, егьырҭ аҩны иҟоуп", - ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.
Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа иажәақәа рыла, ахьҭақәа аныҟала аамҭазы афымцагьы ҟамлар, аҭагылазаашьа акырӡа ицәгьахоит. Ахәыҷбаҳчақәа рҿы еиҳарак арԥхагақәа зегьы афымцалашарала аус руеит, ахәыҟаҵара агаз ала иауазар, аҽырԥхара залыршахом. Убри аан Ҳаразиа иазгәаиҭеит, ахәычбаҳчақәа рҿы агаз ыҟазарц шахәҭам, аха аиқәырхаҩцәа ҳрацәажәаны ари апроблема иауазар, аӡбара ҳгәы иҭоуп ҳәа иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.